НАТО Украина "атәыла-аспирант" астатус анаҭеит

Украина ианашьо астатус ҿыц иаанагом алианс аҿы аҭыԥ ааннакылеит ҳәа. Иара иаанаго: НАТО аҿы Украина иара ахәҭакра аҭахны ишыҟоу азхарҵеит ауп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 12— Sputnik. Аҩадатлантикатә алианс аҿы Украина "атәыла-аспирант" астатус арҭеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Украинатәи арада аспикер ихаҭыԥуаҩ Ирина Геращенко лажәақәа рыла абри аинформациа НАТО асаит аҟны ицәыргоуп.

"Аҩадатлантикатә алианс аҿы Украина "атәыла-аспирант" астатус арҭеит. Шьаҿа-шьаҿала алианс ҳалахәылацәахоит", — ҳәа анылҵеит Геращенко Facebook аҟны лдаҟьаҿы.

Украина арезидент Петр Порошенко иакәзар алианс иаднакылаз аӡбра агәырӷьара инаҭеит.

"Ҭабуп ахысҳәаауеит Украина апозициа адгылара ахьарҭаз", — ҳәа иҳәоит иара.

Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Иванна Климпуш-Цинцаӡе иазгәалҭеит астатус НАТО Украина аларҵеит ҳәа шаанамго, астатус ишазханаҵо Украина агәҭакы.

Киеви Бриуссели еилацәажәеит 2020 шықәса рзы Украина ишеиҿнакаауа иара НАТО ар ирықәшәо аҟаҵара.