Афольклористцәа Урыстәылазегьтәи рконгресс далахәын Аԥсны ахаҭарнак

IV Афольклористцәа Урыстәылазегьтәи рконгресс далахәын Аԥсны ахаҭарнак, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Зураб Џьапуа. Аконгресс мҩаԥысит Тула ақалақь аҿы, хәажәкыра 1-5 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. IV Афольклористцәа Урыстәылазегьтәи рконгресс далахәын Аԥсны ахаҭарнак, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Зураб Џьапуа. Аконгресс мҩаԥысит Тула ақалақь аҿы, хәажәкыра 1-5 рзы. Абри атәы еиҭеиҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Зураб Џьапуа.

Всероссийский конгресс фольклористов

"Афорум ааиҿыркааижьҭеи имҩаԥысуа аконгрессқәа зегьы срылахәын. Аконгресс иалнаршоит иахьатәи аамҭазы имҩаԥысуа антропологиеи афольклори рыҭҵаарақәа алкаақәа рзыҟаҵара, ԥхьаҟатәи апланқәа рышьақәыргылара", — иҳәеит иара.

Аконгресс урыстәылазегьтәи ҳәа шахьӡугьы иалахәуп атәылақәа жәпакы.

"Исгәалашәоит зықьҩык рҟынӡа аконгресс ианалахәыз. Асекциақәа рацәаны еиҿкаауп, ажәахәқәа ирыԥхьоит, еиуеиԥшым атемақәа ирылацәажәоит", — иҳәеит Џьапуа.

Афорум азкын еицырдыруа афольклористцәа Петр Киреевски диижьҭеит 210 шықәса аҵреи Александр Веселовски диижьҭеи 180 шықәса аҵреи.

Аконгресс алахәылацәа алацәажәон афольклористика аҭоурыхи атеориеи рыпроблемақәа.

Всероссийский конгресс фольклористов

"Сара Нарҭтәи аепос иазкны ажәахә ҟасҵеит. Ҷыдала салацәажәеит аепос иалоу азооморфтә персонажқәа (алақәа, абгахәыҷқәа). 15 минуҭ инарзынаԥшуа сцәажәон, иара убри аҟара азҵаарақәа рҭак ҟасҵон", — ҳәа еиҭеиҳәоит Џьапуа.

Аконгресс аҳәаақәа ирҭакны имҩаԥган афольклор иазку ашәҟәқәа рӡыргара. Иӡыргаз иреиуан 2016 шықәса рзы иҭыҵыз, Нарҭаа репос иазку Зураб Џьапуа ишәҟәгьы.

Аконгресс иалахәын Урыстәылеи арегионқәеи реиԥш: Монголиа, Болгариа, Республики Беларусь, Естониа, Киргизиа, Украина, Аԥсны, Литва, Словакиа, Польша, Ҭырқәтәыла, Узбекистан, Германиа, Иапониа, Италиа, Ермантәыла, Азербаиџьан, Ҟазахсҭан, Финлиандиа.

Всероссийский конгресс фольклористов