"Хра злоу ахҭысқәа": Никәала Кәыҵниа ирҿиаратә мҩа иазкны
© Sputnik
"Сааԥсеит ҳәа аҩра иаҟәыҵыз уи дышәҟәыҩҩӡам. Аҳәатәы уманы уҟазар ега уааԥсазаргь иҩтәуп, иҳәатәуп. Сроманқәа анысыҩуаз Пицунда ашамҭанӡа стәан, исылшоума, сыԥсы ҭнахт ҳәа аҟынҵа снеит. Сышәҟәқәа зегьы схы сыԥсы иалызгаз ауп ", — иҳәеит Кәыҵниа.
Никәала Кәыҵниа диит март 13 1938 шықәса рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дравторуп 10 томк аҩымҭақәа: ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. 20 шықәса аус иуан ажурнал "Алашара" редактор хадас, иара убас Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахантәаҩын.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.