"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Лаша Марыхәба Москва ақалақь аҿы имҩаԥысаз аконкурс иазкны
© Sputnik
"Ари аконкурс раԥхьаӡа акәны ҳалахәын. "Жәлар рыкәашара" аноминациаҟны ҩба-хԥа кәашара ықәҳаргылеит. Ҷыдала аԥсуа кәашара алыркааит аӡбаҩцәа. Ас еиԥш иҟоу асценаҿы ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны иқәгылеит, аиашазы ирцәыцәгьан", — иҳәеит Марыхәба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.