Аррамаҵзурауаа "аӷа" иԥшыхәратә гәыԥ ҭадырхеит

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аррамаҵзурауаа аполигон Ҵабал абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара. Иара иалахәын 300-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 50 ак арратә техника.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал арратә дәы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "адиверсантцәа". Абри атәы ааицҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рбаҩрҵәыратә зыҟаҵарақәа зеиԥшроу гәарҭон

"Мчыбжьык иназынаԥшуа, аполигон Ҵабал аҟны Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа СБР-5, ЛПР-2 рыцхыраарала. Ҷыдала азхьаԥшра арҭон еиҭарго, ановигациатә система "Глонасс" ала еиқәыршәоу акомплекс "Стрелец" ахархәара", — иҳәеит иара.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит. Аполигон аҿы арҵарақәа мҩаԥыргоит аԥышәа змоу аинструкторцәа.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь хышәҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи 50 цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, ацифратә еимадареи анавигациеи рзы ахархәага "Грот-М", "Стрелец". Иара убасгьы акәылӡтранспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы ԥшыхәратә машьына "Дозор", акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, "Мустанг".

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Мчыбжьык иалагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаҧыргон. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгараан, ахархәара роуит арратә машьынақәа БТР-82АМ, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аимитациатә зариадқәа ИМ-120, асигналтә ракетақәа.