Дбар: арепатриациазы аилак 25-шықәса ахыҵра иазку апрограмма хиоуп

Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Дбар.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рыпрограмма хиоуп, иҳәеит аилак ахантәаҩы Беслан Дбар Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи иареи реиԥылараҿы.

Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, иаԥҵоуп Агәалашәаразы амедал, иҳәеит иара.

"Ҭҟәарчалтәи азауади ҳареи ҳаицәажәан имҩаԥаагоит уи аус. Ҳџьынџьуаа абра Аԥсны арепатриациа аус иазааԥсахьоу амедал ҳамҭас ираҳҭоит. Анаҩс, 25 шықәса ахыҵра иазкны, альбом ҭҳажьуеит, уи атипографиаҿы иҟоуп, мшқәак роуп инхаз, иҳаураны иҟоуп. Ажәакала ҳапрограмма хиоуп", — ациҵеит уи.

Уи дазааҭгыланы еиҭеиҳәеит ааигәа Ҭырқәтәыла иҟазаара иамаз алҵшәақәа ртәы.

"Раԥхьа ақалақь Сақариа ҳаҟан, уаҟа хәышәҩык аԥсуаа рҽеиқәыршәаны аиԥылара мҩаԥыргеит. Зегь раԥхьа иазгәасҭарц исҭаху, дара реиқәшәара зызкыз Адаԥазар иаҵанакуа аԥсуаа адгьыл амхны рхатәы культуратә хан апроект апрезинтациа азыруан. Уа иҟан ҩыџьа аԥсуаа Ҭырқәтәыла апарламент адепутатцәа", — иҳәеит Дбар.

Уи аиԥылара аҟны Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа Аԥснытәи ансамбль "Шьараҭын" ааԥхьара арҭеит ҳазҭоу амза анҵәамҭа, мамзаргьы иааиуа амзазы.

"Убас ирыӡбеит хә-нызқь билеҭ рҭиуа шәкы-шәкы лир ҳәа, убри иаҭныҵуа зегьы, иақәхдырџьуеит акультуратә центр аргылара", — ациҵеит иара.

Дбар: ҳаҧсуа диаспора иалахәу ирызцәырҵуа азҵаарақәа аӡбара ҳазхиоуп

Анаҩс Сҭамԥыл адернеқь 50-шықәса ахыҵра азгәарҭон хажәкыра хԥа рзы, уи иалахәын Аԥснытәи аделегациа.

"Уахь ааԥхьара ҳаман, уигьы инеиҵыхны иазгәарҭеит. Иара агенералтә консул ицәажәараҿгьы аԥсуаа ҳдиаспора рцара-раара апроблемақәа иамоу атәы азгәеиҭеит, ацхыраара ахьаҭаху аҟаҵара ишазыхиоу иҳәеит", — азгәеиҭеит Дбар.

Имҩаԥысуаз аиԥыларақәа рҟны ирылацәажәан иара убас Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоуижьҭеи 25-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ртәы.

"Ҭырқәтәылантәи ари аныҳәа рхы аладырхәырц иаауеит 30-ҩык рыла ишьақәгылоу аделегациа. Дара аҳәара ҟарҵоит сааҭыбжак иадымхаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идикыларц", — иҳәеит Беслан Дбар.

Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Рауль Ҳаџьымба иеиҳәеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа дырбарц шырҭаху, дырҭаарц аҳәара шыҟарҵо.

"Аҳәынҭқарратә еилакы аколлегиа аҿы ҳахәаԥшит иҳаҩсыз ашықәс аихшьаала, афинансқәа рганахь ала иҟаҵоу аусқәа. Аҵыхәтәантәи хәышықәса ирҿырԥшны ҳанахәаԥш иаабеит Аԥсны атәылауаҩра зоуз 392 ҟалеит 2017 шықәсазы", — ҳәа азгәеиҭеит уи.

Беслан Дбар акыр ихадароуп ҳәа азгәеиҭеит Иорданиа инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь рхьарԥшра.

Дбар: 500-ҩык иреиҳаны ҳџьынџьуаа хыҵакырҭада иҟоуп

"Ирзымдыруа азҵаарақәа даара ирацәоуп, иаҳҳәап адгьыл азҵаара, ус ргәы иаанагоит ара адгьыл аахәатәуп ҳәа. Уи шиашам расҳәеит", — иҳәеит иара.

Уи иациҵеит иахьа 86-ҩык арзаҳалқәа ҟарҵахьеит, аҩнқәа рыргылара ишазыхиоу.

"Ҭырқәтәылантә 26-ҩык рҭаацәеи дареи арахь нхара риасра азҳархиоит, Ԥшьаԥ адгьыл рзалаҳхит, ирбеит, иргәаԥхеит", — азгәеиҭеит Дбар.

Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа рынагӡараҿы аҳәынҭқаррагьы ацхыраара ҟанаҵоит иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Зегь раԥхьаӡа ихадароу ҳәа исыԥхьаӡо арепатриациазы апрограмма ашьақәыргылара ауп. Ҳааҟәымҵӡакәа есышықәса абри ҳалацәажәоит, макьана ҳзыцныҟәа апрограмма ыҟам, абри хымԥада иаарласны аус адулатәуп. Апрограмма аҟны иарбатәуп зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ауаа адаптациа ҳәа изышьҭоу. Абра дхынҳәны данааи нахыс дышрепатриантым идыруазар ауп, ауаҩы араҟа аԥсҭазаара даналага Аԥсны дшатәылауаҩу идыруазар ауп, ҳаргьы ҳашидгылаша азгәаҳәар ауп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа аԥнаҵар ауп зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ауаа рзы, уи амедицина, аҵара, аусура уҳәа рыла ацхыраара рыҭара ақәнагоуп, иҳәеит инаҵшьны атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993 шықәсқәа) аҟны Аиааира агара 25-шықәса иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рҟны ишалархәтәу Ҭырқәтәыла, Иорданиа, егьырҭ атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа рхаҭарнакцәа.