Арадио

Лашәриа: "Евгени Онегин" аҵаки, аинтонациеи аԥсшәахь аиҭагара сылшеит

Александ Пушкин иҩымҭа "Евгени Онегин" анеиҭазгоз сара сзы ихадан аҵакы, аинтонациа, агармониа аԥсышәала арцәажәара, абри атәы Sputnik ҭелла иазеиҭеиҳәеит аҩымҭа аиҭагаҩ, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мушьни Лашәриа еиҭага "Евгени Онегин" иазкны

"Ари аиҭага акрызҵазкәа еиҭагамҭоуп сара сыԥсҭазаараҿы. Санқәыԥшаз инаркны "Евгени Онегин" бзиа избоит, ҿырҳәала исҳәон. Ари аҩымҭа Пушкин ирҿиараҿы, бзиа иибоз, иихьчоз ҩымҭаны иҟоуп. Сара сзы ихадан иара аҵакы, аинтонациа, агармониа аԥсшәахь аиҭагара, аԥсышәала арцәажәара", —  иҳәеит Лашәриа.

1960 ашықәс анҵәамҭазы ажурнал "Алашара" ианылоит Александр Пушкин иажәеинраалоу ироман "Евгении Онегин" аԥсшәахь еиҭаганы. Ааигәа аиҭага харҭәааны иҭыҵит ашәҟәы. 2010 шықәса рзы "Урыстәыла Жәлар ракзаара амш" аназгәарҭоз Москва Кремельтәи ахан аҿы Мушьни Лашәриа еиҭагамҭазы ианашьан Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ҳамҭа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.