АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Асҭамыр Џьапуа ахара идҵоуп зықәра намӡац лцәа ахьԥиҽызи абџьар закәандарыла иҵәахны иахьимази ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.
"Зықәра 14 шықәса рҟынӡа инамӡац лцәаԥҽра иадҳәало, 1981 шықәса рзы ииз Асҭамыр Џьапуа иганахь ала ахарадҵаратә лкаа Аҟәа араион аӡбарҭахь инашьҭуп, Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ ианышьақәирӷәӷәа ашьҭахь", — ҳәа аҳәоит асаит адырраҭара.
Асҭамыр Џьапуа иганахь ала ахарадҵаратә лкаа шьақәырӷәӷәоуп.
"2018 шықәса хәажәкыра 13 рзы Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа ахарадҵаратә лкаа шьақәирӷәӷәеит, 4 томк иҟоу ашьаус Аҟәа араион аӡбарҭахь инашьҭуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭара.
2017 шықәса рашәарамза 13 рзы Аҟәа араион апрокуратура ихацнаркит ашьаус 1981 шықәса рзы ииз Џьапуа Асҭамыр Севериан-иԥа иганахь ала.
Ашьаус хацыркын зцәа ԥырҽыз аӡӷаб лан лырзаҳал ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.