Арадио

Аветеран: ажәылара ашьҭахь ҳгәы иалаз акакәын - ҳагәҭакы ахьынагӡамхаз

Марттәи ажәылара ашьҭахь ҳгәы иалаз акакәын - ҳагәҭакы ахьынагӡамхаз, абри атәы иҳәеит аибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Автондил Сурманиӡе.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": аибашьра аветеран марттәи ажәылара иазкны

"Ажәылара ашьҭахь ҳхы ҳазҵаауан иҳалшарыма аӷа иқәцара ҳәа. Аибашьцәа ҳахьеицәажәоз агәкажьра ҳәа акгьы ҳамамызт, иахьа уаҵәы акәымзаргьы, мышкы ҳаԥсадгьыл ҭаҳарцәоит ҳәа ҳҳәон. Ажәылараан аԥсҭбара рацәаны иҳаман, ахьҭагьы-амлагьы ҳакуан, аха ҳгәы иалаз акы акәын- ҳагәҭакы ахьынагӡамхаз", — иҳәеит Сумаралиӡе.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.