Арадио

Џьынџьалԥҳа: фышықәса ирылагӡаны 28-ҩык ахәыҷқәа ҳрыцхрааит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара мҩаԥысит хәажәкыра 14 аҽны. Афонд шықәсыктәи аусура атәы инарҭбааны Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит агәыҳалалратә фонд адиректор инапынҵақәа назыгӡо Мактина Џьынџьалԥҳа.
Sputnik

"Ашана" информациатә партниор хаданы 2015 шықәса раахыс иҟоуп аинформациатә маҵзура Sputnik  Аԥсны.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мактина Џьынџьалԥҳа афонд "Ашана" ааихшьаалатә еизара иазкны

"2017 ашықәс иалагӡаны ацхыраара раҳҭеит 23-ҩык ахәыҷқәа. Фышықәса ацхыраара заҳҭахьоу ахәыҷқәа рхаԥхьаӡара наӡеит 28-ҩык рҟынӡа. Ахәыҷқәа ахысит 276  амедицинатә гәаҭарақәа иреиӷьӡоу амедицинатә центрқәа рҟны", —  лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Абизнесуаҩ Беслан Шьакаиа иеиҿикааз икоммерциатәым акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит.

Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.