Хәытаба: аспортсменцәа аԥсадгьыл амаҵ руеит, ахьӡ ҭыргоит

18 шықәса инаркны 28 шықәса рҟынӡа зхыҵуа Аԥсны ауааԥсыра 282-ҩык аррамаҵзура рэацәхьаркуеит ҳәа рсиа ҟаҵаны иакьыԥхьит Атәылахьчара аминистрра.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба иҳәеит арҭ аспортсменцәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны аиааира аныргалак, рыԥсадгьыл абираҟ ашьҭыхрала рыԥсадгьыл амаҵ азыруеит ҳәа.

"Асиақәа цәшәарак рымаӡам, аха иазгәасҭар сҭахуп ҳаспортсменцәа рыԥсадгьыл аҿаԥхьа ртәылауаҩратә уалԥшьа анагӡара ишацәхьамҵуа. Урҭ аспорттә еицлабрақәа рҟны Аԥсны абираҟ ашьҭыхра шрылдыршо. Уи шфырхаҵароу", — иҳәеит Хәытаба.

Хәытаба иазгәеиҭеит аспортсменцәа шазыхио ианааҭаххалак аԥсадгьыл ахьчаразы агылара.

"Анцәа иҳәааит усеиԥш аҭагылазаашьа ҟамларцаз, аҭынчра аҳра ауларц, аха сара арҭ аҷкәынцәа бзианы издыруеит. Урҭ еснагь иазыхиоуп рыдгьыли рыжәлари рыхьчара, апатриотизм рылааӡоуп", — иҳәеит иара.

Аилак аҟны ишҳарҳәаз ала аррақәра иаҵанакуа аспортсменцәа аррамаҵзураҟынтәи рхы иақәиҭыртәырц аҳәара аныҟарҵо атурнирқәеи аицлабрақәеи анымҩаԥысуоуп.