Арадио

Аҳақьым: ауаҩы даныцәоу ишьақәгылоит ипсихологиатә мчы

2008 шықәса раахыс адунеи аҟны иазгәарҭоит ацәа Жәларбжьаратәи амш. Шаҟа сааҭ ауаҩы дыцәазар акәу, насгьа ацәа азымхара ауаҩы игәабзиара ишаныԥшуа ртәы Sputnik арадистудиаҟны дазааҭгылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекологиеи аԥстәқәа рморфалогиеи акафедра арҵаҩы, антрополог Кристина Кокосқьырԥҳа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кристина Кокосқьыр ацәа Жәларбжьаратәи амш иазкны

"Ацәа уи ихымԥадатәиу афизиологиатә процессуп. Ауаҩы даныцәоу ишьақәгылоит иара ифизиологиатә ипсиохологиатә мчқәа. Быжьба-ааба сааҭ ауаҩы даныцәоу еиуеиԥшым апроцессқәа дархысуеит. Ишьақәыӷәӷәара, иԥсыԥ алага-ҩагара аҽарҭынчуеит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.