Аԥснытәи акәашаҩ аҟазара жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс далахәын

ХII аҟазара жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Звездный час" мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 7-10 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. ХII аҟазара жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Звездный час" мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 7-10 рзы. Афестиваль алахәыла Лолита Џьобааԥҳа аноминациа "ахореографиа" аҟны аиааира лгеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ахореограф Викториа Пигуль.

Лолита иналыгӡеит ҳаамҭазтәи акәашарақәа ҩба. Актәи акәашаразы иланашьахеит актәи аҩаӡара алауреат иаԥхьахә.

"Лолитагьы лангьы саргьы акыр ҳгәы хыҭхыҭуан. Алахәылацәа асааҭ 10 рзы иқәгыло иалагеит. Лолита ахәылбыҽха асааҭ 7 рзы акәын лықәгылара аныҟаз. Лолита илылаз аҟазара зегь аарԥшра лылшеит. Уаанӡа иласҳәахьаз, илабжьызгаз зегь налыгӡеит", — лҳәеит ахореограф.

Жәеиза шықәса зхыҵуа Лолита Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны аҵара лҵоит, а-5-тәи акласс аҿы аҵара лҵоит. Шықәсык иназынаԥшуа акәашаратә студиа "Mix studio" ахь дныҟәоит. Астудиа напхгара аиҭоит Рамаз Миқаа.