Атәылахьчара аминистрра: аррахь ацара аҿҳәара ахырԥаразы авоенкомат ахь инеитәуп

18 шықәса инаркны 28 шықәса рҟынӡа зхыҵуа Аԥсны ауааԥсыра 282-ҩык аррамаҵзура рэацәхьаркуеит ҳәа рсиа ҟаҵаны иакьыԥхьит Атәылахьчара аминистрра хәажәкыра 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Астудент иҵара неигӡарц азы аррамаҵзурахь инаԥхьара аҿҳәара ахырԥаразы арратә комиссариат ахь есышықәса инеигалароуп аҵара шиҵо азы аршаҳаҭга. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра асиа иалашәаз астудентцәа рзы ахҳәаа ҟаҵо.

Аҵараиурҭа инаҭо аршаҳаҭга ианыԥшуазароуп атәылауаҩ аҵаратә усҳәарҭахь данаднакылаз арыцхәи даналго арыцхәи. Убри инақәыршәаны аррахь инаԥхьара аҿҳәара инахахоит.

Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭо ала арра зҽацәхьазкуа ҩ-категориакны ишоит. Актәи ахь иаҵанакуеит аррамаҵзура ахысра зыгәҭакым атәылауаа. Аҩбатәи ахь иаҵанакуеит Аԥсны Азакәан: "Арратә уалԥшьази арратә маҵзурази" рынагӡара иадҳәало ауснагӡатәқәа рахь имнеиз.

"Асиаҿ иарбо атәылауаа рыхәҭак " Аԥсны Азакәан: "Арратә уалԥшьази арратә маҵзурази" ахәҭаҷ 23 инақәыршәаны аррамаҵзура ахысра аҿҳәара иахырԥахар азин ыҟоуп. Аха арҭ атәылауаа уи аҩыза алшара шрымоу шьақәзырӷәӷәо иарбанызаалак документк ыҟам. Аус азакәан-шьаҭа аиуразы ауаҩԥсы хаҭала днеироуп арратә комиссариат ахь. Арратә комиссариат ахь имнеиз иҿҳәара иузахырԥом, уи азин имазаргьы", — ҳәа арбоуп аҳәамҭаҟны.

Асиа иану аҩбатәи акатегориа иаҵанакуа аркәзар, урҭ аҿҳәарахырԥара азин рымаӡам, аха дара рыҽӡаны иҟоуп, ааԥхьашәҟәы узрыҭом, ируҭаӡаргьы хырыҩ азыруеит. Арҭ атәылауаа ашьаустә ҭакԥхықәра иаҵагылоит.

Мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30 рҟынӡа аррамаҵзурахьы аҿар рнаԥхьаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Амзыз зманы иҟоу атәылауаа ирылшоит аррахь рнеира аҿҳәара ахгаразы ашәҟәқәа реиқәыршәара.

18 шықәса инаркны 28 шықәса рҟынӡа зхыҵуа Аԥсны ауааԥсыра 282-ҩык аррамаҵзура рэацәхьаркуеит ҳәа рсиа ҟаҵаны иакьыԥхьит Атәылахьчара аминистрра хәажәкыра 13 рзы..