Арадио

Ҳаџьымба: Урыстәыла ахада иалхра ҳара ҳзы аҵак ду амоуп

Аԥсны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ажәиԥшьтәи абжьаратә школ аҿы иаарту алхырҭатә ҭыԥ аҟны.
Sputnik
Ҳаџьымба: Урыстәыла ахада иалхра ҳара ҳзы аҵак ду амоуп

"Ари ахҭыс Урыстәылазы мацара азы акәӡам изыхадароу, ҳара ҳазгьы аҵак ду амоуп. Урыстәыла еснагь иӷәӷәаны иҟазар ауп аекономика, арратә мчқәа рганахьала, ус иагьыҟалоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиирц ахьрылшо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.