Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит

Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭирц ахьрылшо.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18, Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ажәиԥшьтәи абжьаратә школ аҿы иаарту  алхырҭатә ҭып аҟны.

"Ари ахҭыс Урыстәылазы мацара азы акәӡам изыхадароу, ҳара ҳазгьы аҵак ду амоуп. Урыстәыла еснагь иӷәӷәаны иҟазар ауп аекономика, арратә мчқәа рганахьала, ус иагьыҟалоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Урыстәыла Ахада иалхраз Аԥсны абжьыҭира хацыркуп. Алхыҩцәа ирылшоит дара рҭыӡҭыԥ еиҳа иазааигәаны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ ахь инеины рыбжьы рҭиирц. Алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.