Арадио

Маланиаԥҳа: идыру аполитикцәа ҳрыҿцәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳаман

Хәажәкыра 12-19 рзы Москва имҩаԥысуаз аҿар рфорум иалахәын Аԥснытәи аделегациа. Афорум аиҿкаашьа атәы радио Sputnik ҭелла иазеиҭалҳәеит иара иалахәыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиҿкаау адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Маланиаԥҳа аҿар рфорум иазкны

"Москва имҩаԥысуаз аҿар рфорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳделегациа алахәылацәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа, Шәача имҩаԥсыуаза аҿар рфестиваль аиҿкаара ҳахьалахәыз азы. Иара убас, иаҳбеит алхрақәа ҩнуҵҟала аиҿкаашьа шыҟоу", — лҳәеит Маланиаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.