Сара Абрамиан ашоу "Голос. Дети" аҩбатәи аетап ахь днеиит

Амузыкатә шоу "Голос. Дети!" мҩаԥысит хәажәкыра 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәашықәса зхыҵуа аԥснытәи ашәаҳәаҩ Сара Абрамиан ашоу "Голос. Дети!" аҩбатәи аетап ахь днеиит.

Лара иналыгӡеит Полина Гагарина лашәа "Драмы больше нет". Ажиури алахәылацәа хҩык рҟынтәи ҩыџьа – Валери Мелаӡеи Бастеилара лышҟа ихьаԥшит. Уи иаанаго рҩыџьагьы Сара ркомандахь днарыԥхьоит ауп.

Сара Абрамян

Апроект "Голос. Дети!" аҿы ԥхьаҟа аус ицуразы Сара Абрамиан далылхит Валери Мелаӡе.

10-шықәса зхыҵуа Сара Аҟәа диит. Аҵара лҵоит А.С. Пушкин ихьӡ зху ашкол № 2 аҿы. Сара лан лхәыҷы дналгеит ашәаҳәаҩ Хьыбл Мықәԥҳа лхәыҷтәы студиа "ДоРеМи" ахь. Абра ихацыркхеит ашәаҳәараҿтәи лымҩа.

"ДоРеМи" аус ауеит 2011 шықәса раахыс.