"Хра злоу ахҭысқәа": Алхас Аргәын Анаҟәаԥиатәи абааш аиҭашьақәргылара иазкны
© Sputnik
"Апроект ҳалагаанӡа Анаҟәаԥиатәи абааш аҵакырадгьыл аҟны архитектуратә ԥшаарақәа мҩаԥаагеит. Аԥшаарақәа иаҳзымдыруаз аҟнытә иаҳнырдырыз рацәоуп. Дара 2015 шықәсазы ихырқәшахеит. Иахьазы, апроект аескиз ауп иҟаҵаны иҳамоу, абааш шыҟаз, ахаҿра ааныжьра ауп ҳгәы иҭоу, уи хадароуп", — иҳәеит Аргәын.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.