Амедицинатә ԥгаԥса апрограмма хә-миллионк рҟынӡа азоужьуп

Хәажәкыра 21 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәиу аилатәара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ареспублика аиҳабыра Аԥсны иахьаҵанакуа иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа амедицинатә ԥгаԥса рыҭаразы апрограмма анагӡара иазынанашьҭит хә-миллионк рҟынӡа аԥара.

Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа лассы рыҭара иалагоит

"Апрограмма ахықәкы – ареспублика иахьаҵанакуа аполисқәа рыҭарҭа ҭыԥқәа раартреи апунктқәа русура аиҿкаареи роуп", — иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аԥсны иахьаҵанакуа иаартхоит аполисқәа рыҭарҭа ҭыԥқәа быжьба.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭараз рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит 2017 шықәса жьҭаара 16 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла аполис рыҭахоит 190 000-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхымҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Аполисқәа Урыстәыла иахьаҵанакуа зегьы азинмчра рымоуп.