Арадио

Еныкь: "Қьалашьбеи" Москватәи ахәаԥшцәа даараӡа иԥханы ирыдыркылеит

Москва иҟоу аԥсуа диаспора 60 шықәса ахыҵра иадҳәаланы имҩаԥысуа агәырӷьаратә уснагӡатәқәа аҳәаа иҭагӡаны, аҳәынҭқарратә аҿартә театр актиорцәа аҭоурыхтә қәыргыламҭа "Қьалашьбеи" Моска иқәдыргылеит, абри атәы Sputnik ҭелла иазеиҭеиҳәеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аслан Еныкь Москватәи ргастрольқәа ирызкны

"Москватәи ахәаԥшцәа даараӡа иԥханы ҳрыдыркылеит, ҳгәы  иҭымҵәо ҳаҟоу. Аиаша шәасҳәап агәы хыҭхыҭра ҳаман иӷәӷәаны, аха зегьы маншәаланы имҩаԥысит. Аԥсныҟа ҳашнеилак еиԥш еиҭа иқәҳаргылоит ари аспектакль, мшаԥымза арепертуар иануп", — иҳәеит Еныкь.

Аԥсны аҳәынҭқарра адраматә театр асценаҟны аҿартә театр актиорцәа ахәаԥшцәа иддырббеит Анзор Мықәба иҩымҭа иалху аспектакль "Қьалашьбеи" ажьырныҳәа 18 аҽны. Арежиссиор Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.