Гал араион аҟны абџьари аџьаԥҳани рыҵәахырҭа рбеит

Амаҵзура ҷыдақәа аоператив-ԥшааратә усурақәа ирҿуп иԥшаау абџьари аџьаԥҳани зтәу ахаҿқәа рышьақәыргыларазы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара аиқәыршәара зхықәку Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәеи 2018 шықәса хәажәкыра 16 рзы Гал араион Алакәымҳара ақыҭан ирыԥшааит абџьари аџьаԥҳани рыҵәахырҭа ҭыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.

"Агранатаршәга РПГ-26 "Аглень", РПГ-7В, ашәарыцага шәақь кьаҿқәа ҩба, аграната Ф-1, 30 патрон (7,62 мм калибр) ԥшаан аҵәахырҭаҿы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Амаҵзура ҷыдақәа аоператив-ԥшааратә усурақәа ирҿуп иԥшаау абџьари аџьаԥҳани зтәу ахаҿқәа рышьақәыргыларазы.