Џьамбул Инџьгьиа Аԥсуа-Абаза конгресс абыжьбатәи аизара иазкны
© Sputnik
"Имҩаԥысыз аԥсуа-абаза конгресс абыжьбатәи аизара сгәы иаанагоит ҳажәлар рзы аҵак ду амоуп ҳәа. Иахьа иаҳҳәоит ҳџьынџьуаа 53 ҳәынҭқарра рҿы инхоит ҳәа, дара еилыркаауеит ахәышҭаара мца ахьыҟоу рыԥсадгьыл аҿы шаку. Уи аганахьала иахьа имҩаԥгаз аизара аԥхьаҟа иқәнаргыло ахадҵақәа ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь архынҳәразы, аԥсуа дахьыҟазаалак иԥсадгьыл дазҿлымҳаны, игәы азыбылуа дҟанаҵоит", — иҳәеит Инџьгьиа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.