Апарламент аҟны аҳәынҭбаџь ахышәа-ҵышәа рыԥсахит

"Аҳәынҭқарратә баџь азы" азакәан апроект ариашарақәа аларгалеит Апарламент аҟны хәажәкыра 21 рзы. Азакәан ажәытә редакциала ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аҳәынҭбаџь ршәалар акәын 1,5 % азыҳәа ахәԥса иахьырԥшны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Аекономикатә ҟазшьа змоу аӡбарҭаратә еилыргараҟны ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи иршәо аҳәынҭбаџь хыхьтәи аҩаӡара рыԥсахит. Уажәшьҭа иара иартәоит 100 000 мааҭ.

Амиграциаз азакәанԥҵара ариашарақәа алагалоуп

"Аредакциа ҿыц ала аекономикатә ҟазшьа змоу аӡбарҭаратә еилыргараҟны ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи иршәо аҳәынҭбаџь хыхьтәи аҩаӡара иартәоит 100 000 мааҭ. Уаанӡа дара аӡбарҭаҟны абаџь рацәаны иршәалар акәын. Уажәшьҭарнахыс абаџь хыхьтәи аҩаӡара 100 000 мааҭ еиҳахом", — лҳәеит радио Sputnik аҟны абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи реилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа.

Лара ишылҳәаз ала ажәытә редакциала абаџь акыр иҳаракын.

"Уаанӡа азыҳәа ахәԥса 500 000 мааҭ рҟынӡа иҟазар, аҳәынҭбаџь иартәон иараҟынтәи 1,5 %. Заҟа азыҳәа ахәԥса ҳаракыз аҟара иҳаракхон абаџьгьы. Иара убасгьы уаанӡа хыхьтәи аҳәаа шьақәгыламызт. Уажәшьҭарнахыс азыҳәа ахәԥса заҟароу иахьмырԥшымкәа 100 000 мааҭ артәоит", — лҳәеит Смырԥҳа.

"Аҳәынҭқарратә баџь азы" азакәан апроект ариашарақәа аларгалеит Апарламент аҟны хәажәкыра 21 рзы. Азакәан ажәытә редакциала ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аҳәынҭбаџь ршәалар акәын 1,5 % азыҳәа ахәԥса иахьырԥшны.