Арадио

Барцыц: аԥсуаа еснагь ҷыдала аԥсабара иазыҟан

Жәларбжьаратәи аметеорологцәа рымш азгәарҭоит хәажәкыра 23 рзы, ари арыцхә инадҳәаланы арадио Sputnik астудиа дсасны даҭан Аԥсны адгьылҭҵааҩцәа рхеилак аиҳабы Леуард Барцыц.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Леуард Барцыц Жәларбжьаратәи аметеорологцәа рымш иазкны

"Аԥсуаа еснагь ҷыдала аԥсабара иазыҟан. Ирацәаӡоуп ҳажәлар ирымаз азгәаҭарақәа, уи ала еилыркаауан амш зеиԥшрахо. Иахьатәи аамҭа зегьы амш зеиԥшрахо гәарҭоит еиуеиԥшым амаругақәа рхы иархәаны, аԥсуаа  ирымоуп иҷыдоу аҭыԥқәа", —  иҳәеит Барцыц.