АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Роланд Жьиба ицәгьоурақәа рзы ахара идҵан 15 шықәса ҭакрыла ихигарц аӡбра рыдыркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Роланд Жьиба ахарадҵа идҵан ауаҩшьразы, изакәанымкәа абџьар амазааразы, аныҟәгаразы. Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа зхантәаҩыс дыҟаз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азыӡба аднакылеит.
Азыӡба адказинмчра аиуеит 15 усутә мшы рыҩныҵҟа, ашьаусҭҵаара апроцесс алахәылацәа рганахь ала зашшра ҟамлозар.
Аҟәа инхоз Беслан Кәыҵниа иԥсыбаҩ ԥшаан 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 азы, Очамчыра араион иахьаҵанакуаз абнараҿы. Ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас ирымаз Роланд Жьиба иԥшаара хацыркын.
2017 шықәса лаҵарамза 5 рзы Роланд Жьиба даанкыланы абахҭахь днаган. Ашьаусҭҵаара ахәаԥшразы инашьҭын Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь.