Аветеранцәа рҭаацәа амедалқәа рзы аршаҳаҭгақәа рырҭеит

Аԥсуа ветеранцәа Ушьангьи Басариеи Арзамеҭ Ҭаниеи аибашьраантәи рҳамҭақәа 73 шықәса рышьҭахь Аԥсныҟа амҩа рыԥшааит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аорденқәа "Аеҵәа ҟаԥшь" рзы агәраргагақәа рнапы иадыркит аибашьра ду алахәылацәа Ушьангьи Басариеи Арзамеҭ Ҭаниеи рыуацәа.

Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба иҭоурых

"Иахьа ҳара агәраргагақәа рнапы иаҳаркуеит Ушьангьи Басариеи Арзамеҭ Ҭаниеи рыуацәа. Арҭ рҩызцәа аҳамҭақәа ранаршьон аибашьраҟны аибашьцәа иаадырԥшуаз афырхаҵареи агәымшәареи рзы. Басариеи Ҭаниеи абџьар шьҭыхны ирыхьчон ҳзеиԥш ԥсадгьыл ду. Иахьатәи аҭагылазаашьа иаанарԥшуеит аԥсуа милаҭ ршьа-рда иалоу ахаҵара", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иабжьагаҩ Иури Иасносокирски.

Аветеранцәа Ушьангьи Басариеи Арзамеҭ Ҭаниеи рҳамҭақәа рнапы иадыркыртә еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлеит.

"Ушьангьи Басариа аҳамҭа ианашьан 1945 шықәса рзы, аха иара ирҭаанӡа агоспиталь дҭашәеит. Арзамеҭ Ҭаниа иакәзар, аҳамҭа ианашьан 1946 шықәса рзы, аха иара иҟынӡа изымааӡеит ианаамҭаз", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иабжьагаҩ Иури Иасносокирски.

Аветеранцәа рҭынхацәа ҭабуп ҳәа ахырҳәааит аҭоурых иашара ашьақәыргылара иацхрааз зегьы.

"Ҵыԥх, сабду Ушьангьи Басариа ианиаамҭаз ихьӡ ҳәаны, аха "Асовет еидгыла афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак ахьихҵамыз инадҳәаланы, ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ. Абарҭқәа зегьы ҳара ҳамацара ҳадагьы, аԥсуа жәлар зегьы рзы ныҳәак еиԥшуп. Избанзар иара аиашара аиҭашьақәыргылароуп иаҳнарбо", — иҳәоит Ушьангьи Басариа имоҭа Леон Кәарҷиа.

Арзамеҭ Ҭаниа иԥа, Алықьса Ҭаниа иажәақәа рыла иаб иԥсы анҭаз аҳамҭаз ихьӡ шҳәазгьы издырамызт. Арҭ агәраргагақәа ҳара пату рықәҵаны иаҳҵәахуеит, гәаларшәагак аҳасаб ала иҳәеит иара.

"Саб иԥсҭазаара далҵит 1975 шықәса рзы, 64 шықәса дшырҭагылаз, аорден "Аеҵәа ҟаԥшь" шианашьаз изымдырӡо", — иҳәеит иара.

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.