Арадио

Аџьба: Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала ҳауаажәлар ахәшәқәа рзоужьхоит

Хаз игоу акатегориа иаҵанакуа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа амедицинатә маругақәеи ахәшәкәеи рыла реиқәыршәаразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аԥсҭазаара иалырҵәахоит мызкала. Абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра афармациа аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба.
Sputnik
Аџьба: ҳауаажәлар ахәшәқәа рзоужьхоит мызкала

"Урыстәылантә аделегациа ҳҭаан иҟоуп, ҳусқәа иҟаҳҵахьоу, ҳахьынӡамазеиоу рбеит. Ишырҳәаз ала мызкы аҭахуп ақьаадқәа еимаҳдарц, ахәшәқәа ҳзаарышьҭуеит, ҳауаажәлар изыхәҭоу  мала ироуртә иҟалоит", — ихәеит Аџьба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.