АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҟны имҩаԥгаз ацәыргақәҵақәа "Дары Абхазии" реиҿкааҩцәа рганахь ала имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа ртәы далацәажәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц. Иара иҳәеит арҭ ацәыргақәҵақәа ԥеиԥш шрымам.
"Сгәы иаанагоит арҭ ацәыргақәҵақәа ԥеиԥш рымам ҳәа, избанзар, дара ԥаршеиуп, иӡырырго аалыҵгьы Аԥсны акала иадҳәаланы иҟам. Ҳаргьы аҭагылазаашьа ашьклаԥшра аҳҭоит. Адырра шааҳаулак иахәҭоу ауснагӡатәқәа хацҳаркуеит", — иҳәеит иара.
Чита, жәабранмза анҵәамҭазы ихыркәшан ақыҭанхамҩа аалыҵ ацәыргақәҵа "Дары Абхазии". Аалыҵ Аԥснытәи аалыҵны ишыҟоу азы агәыҩбарақәа цәырҵит. Аамҭақәак рышьҭахь ацәыргақәҵа мҩаԥган Хабаровскгьы.
"Ҳара Хабаровск аҳәынҭқарратә мчратә органқәа ҳаҽрымаадеит. Ацәыргақәҵа адыркит. Сгәы иаанагоит аиҿкааҩцәа ацәыӡ маҷымкәа ироуит ҳәа. Асеиԥш русура иацрымҵарц азы уи ԥышәа бзианы сахәаԥшуеит", — иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.
Ареспублика абренд аӡәгьы азин имам хаԥышәала ахархәара иҳәеит Барцыц.
Уаанӡа Читеи Хабаровски имҩаԥгаз ацәыргақәҵақәа иреиԥшыз ацәыргақәҵа мҩаԥган Томск ақалақь аҟны. Ацәажәара дугьы ахылҿиааны иҟан.