Арадио

Џьынџьиа: амармалташьтә пты ақәхразы напыла еизгатәуп

Амармалташьтә пты ақәхразы реиҳараӡак напыла еизгатәуп ҳәа азгәеиҭеит аҵиаақәа хылаԥшра рыҭаразы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.
Sputnik
Џьынџьиа: аптқәа реиҳарак напыла еизгатәуп

"Амармалташьтә пты еизганы анаука аганахьала аферомонқәа алырхуеит.  Апты аизгара иалагахьеит Гал араион аҟны, еизыргоит Очамчыра. Анаҩс иҷыдоу амашьынала Урыстәылаҟа иргоит. Агәаҭарақҽа мҩаԥыргоит, ирылархуа аферомонқәа рҟынтә апткыгақәа ҟарҵоит. Аџьабаа збо, амармалташьтә пты еизызго, ҳрыцхраап ҳәа зықьмааҭ ахә ақәырҵеит аурыс ҵарауаа. Рыԥсы ҭоу иҭаму ҳәа иахәаԥшуам, дара алабораториа аҟны иахәҭоу амаҭәашьар рылырхуеит. Аԥара акәӡам аус злоу, ҳара еизаагароуп. 50-70 процент рҟынӡа  аптқәа напыла еизгатәуп. Ус еиԥш аԥышәа рхы иадырхәоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы, ҳара иаҳаӡбаз акәӡам. Сынтәа аԥхаррақәа злаҟоу ала аптқәа рхыԥхьаӡара иацлар алшоит", — иҳәеит  Џьынџьиа.