Арадио

Квираиаԥҳа: нап зыдкылам аҭоурыхтә хыбрақәа ҳрыцқьоит

Ауаажэларратә еиҿкаара "Амч" алахәыла Илона Квираиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны дазааҭгылеит рхыкәкы, рнапы злакәу аус.
Sputnik
Квираиаԥҳа: нап зыдкылам аҭоурыхтә хыбрақәа ҳрыцқьоит

"Ауаажәларратә еиҿкаара аҩызцәа иаԥаҳҵеижьҭеи мызкы ауп иҵуа, аха аусурақәа ҳрылагахьеит. Зегьы Аҟәа ҳанхоит, иаҳбоит рҭагылазаашьа зеиԥшроу аҭоурыхтә хыбракәа. Иҳаӡбеит излаҳалшо ала нап рыдаҳкыларц", — лҳәеит Квираиаԥҳа.

Лара лажәакәа рыла Аҟәа  хә-обиектк ррыцқьара рхахьы иргеит. Ес-мҽыша жәохәҩык-ҩажәаҩык аҿарацәа еидгыланы аус руеит. Дара рымч анақәымхо ацхырааразы ирыдҵаалоит аҿартә политиказы ақалақьҭәи аҳәынҭқарратәи еилакқәа, иара убас аҳҭнықалақь анапхгара.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.