Кемерово иҭахаз ргәалашәара мҩаԥысит Аҟәа

Амҽыша, Кемерово ақалақь ахәаахәҭратә Центр аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 64-ҩык ауааԥсыра. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа Аԥсны ауааԥсыраа шәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, ахәыҷтәы хәмаргақәа наргоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Амҽыша, Кемерово ақалақь ахәаахәҭратә Центр аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 64-ҩык ауааԥсыра. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа Аԥсны ауааԥсыраа шәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, ахәыҷтәы хәмаргақәа наргоит.

Траурный митинг перед посольством России в Абхазии

Хәажәкыра 27 рзы Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа имҩаԥган амитинг.

Аҳҭнықалақь Ахадара аҿартә политиказы Аусбарҭа асоциалтә ҳақәа рхархәарала ауааԥсыра адырра рырҭон акциа аганахь ала.

"Акциа мҩаԥаагоит арыцҳара иақәшәаз ауаа адгылара раҳҭарц. Ргәырҩа рхала изнаҳмыжьырц", — иҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Саид Ҟәланба.

Кемерово иҟалаз арыцҳара Аԥсны ауааԥсыра зегьы гәалсра дула ирыдыркылеит. Иара убри амш аҽны Ацҳаражәҳәарҭахь инеиуа иалагеит ҳақалақьуаа.

Траурный митинг перед посольством России в Абхазии

"Зегьы ҳгәы иалсит. Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдашшылоит. Амца иалаблыз ахәыҷқәа рыхьӡала цәашьык асыркуеит", — лҳәеит ААУ астудентка Диана Цулая.

Арахь иааиуан аҿар реиԥш аиҳабацәагьы.

"Ҳәатә ыҟам. Рыцҳара дууп. Жәларык ҭахеит. Сгәы иаанагоит адунеи зегьы аҟны ауаа гәалсрыла ирыдыркылеит ҳәа иҟалаз арыцҳара". — лҳәеит амилициа аусзуҩ Гәында Арӡынԥҳа.

Аиҿкаара "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аиҳабы Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит арыцҳара ареспублика ауаажәлар ари арыцҳара агәалсра ду шрызцәырнагаз.