Арадио

Ԥлиаԥҳа: Америка ишаҭаху еиԥш Урыстәыла анацәахы иахьазҭамыргьежьуа иазхгом

Урыстәыла амчра ессаира амҽхак ахьҽарҭбаауа атәым ҳәанҭқаррақәа ирызхгом лҳәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа Урыстәылатәи адипломатцәа Европа атәылақәа рҟынтәи рықәцара ахҳәаа азуа.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа Урыстәылатәи адипломатцәа Европа атәылақәа рҟынтәи рықәцара иазкны

"Асовет мчра анхыбгала ашьҭахь, Урыстәыла амчрахь Владимир Путин данааи, аурысқәа "ҳауп" рҳәартә еиԥш ршьапы иқәгылеит, абри ауп ирызхымго атәым ҳәынҭқаррақәа, абри ауп ирызхымго Америкаа. Иара ишиҭаху инацәахы изҭаргьежьуам иахьа Урыстәыла. Адгьыл, агаз абылтәы уҳәа аресурсқәа ду рымоуп. Аурыс абри аҟара имоуп, ихәҭаӡам ҳәа рыԥхьаӡоит", — лҳәеит Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефира аҟны.