АҞӘА, хәажәкыра 28– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны амч ахамырхәараз ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа ҟалап ҳәа иазыԥшуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.
2018 шықәса хәажәкыра 21 рзы ақырҭуа Ган аҳәамҭа ҟанаҵеит амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра алацәажәара ишазыхио азы.
Уаанӡа агазеҭ "Коммерсант" аҳәамҭа ҟанаҵахьан акраамҭа иззыԥшыз аицҳәамҭа азырхиара иаҿуп ҳәа.
Ҭыжәба иажәақәа рыла амч ахамырхәаразы аҳәамҭа Женева имҩаԥысуа аилацәажәарақәа ирызҵаара хаданы ишыҟац иаанхоит.