Бигәаа: аԥсуа шәарыцалақәа зыжәла бзиоу ҳәа иԥхьаӡоуп
© Sputnik
"Ацәыргақәаҵахь инагаз алақәа зегьы Аԥсны ииз, иааӡаз роуп. Сара хаҭала изгеит сла, уи иахылҵыз аласба, нас еиҭа Пицундантәи ҩыџьа иргеит даҽа ҩба-ҩаба ла. Исҳәар сҭахуп, ацәыргақәҵаҿы аԥсуа лақәа азҿлымҳара бзиа шрымаз, иреиҳаӡоу ахәшьара роуит. Аԥсуа ашәарыцаратә лақәа ааӡара Урыстәылаҟа аӡәырҩы иргахьеит, урҭ зыжәла бзиоу ҳәа ахьыӡ рымоуп", — азгәаиҭеит Бигәаа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.