Хаџьымба Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәараҿы адышшыларатә шәҟәаҟны анҵамҭа нижьит

Кемерово ақалақь аҟны иҟоу Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны иҟалаз арыцҳара иахҟьаны 64-ҩык рыԥсҭазаарақәа ирылҵит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кемерово иҟалаз арыцҳара инадҳәаланы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы хәажәкыра 29, 30 рзы иаартуп Адышшыларатә шәҟәы, иахьа, аԥшьаша, хәажәкыра 29 рзы арахь иааиит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиеи.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Хаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәараҿы адышшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа нижьит Кемеров иҟалаз арыцҳара инамаданы.

"Кемерово иҟалаз – зрыцҳара дуу урыстәылатәи ажәлар рзы мацара акәӡам, уи згәы иалымсыз дыҟаӡам адунеи ахьынӡа-наӡааӡо. Аминистрцәа реилазаара, аҧыза-министр адҵақәа рысҭеит ааха зауз зегьы ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы асанатортә-курорттә хәышәтәра рахыжьразы. Ҳәарада, ҳара ҳганахьала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит урҭ ара иақәнагоу ацхыраара рыҭаразы", — иҳәеит Ахада.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит аҭагылазаашьақәа арҭ ауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Кемерово ақалақь аҟны иҟоу Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны иҟалаз арыцҳара иахҟьаны 64-ҩык рыԥсҭазаарақәа ирылҵит. Амца ахы акит аԥшьбатәи аихагылаҿы.

Абри ахҭыс иақәҿыҭуа хәажәкыра 27 рзы Аԥсны имҩаԥыргеит алахьеиқәҵаратә митинг Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа.

Иара убри амш аҽны Гәдоуҭа, Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа шәҩыла ауааԥсыра ацәашьқәа адыркит.

1 / 6
Фотография с датой трагедии в память о жертвах в Кемерово в Посольстве России в Абхазии
2 / 6
Пожар в четырехэтажном торговом центре "Зимняя вишня" в Кемерово, в котором погибли 64 человека, произошел в воскресенье 25 марта
3 / 6
Президент Абхазии Рауль Хаджимба в посольстве России оставляет запись в книге соболезнований погибшим в результате пожара в ТЦ "Зимняя вишня" в Кемерово
4 / 6
Фотография с датой трагедии в память о жертвах в Кемерово в Посольстве России в Абхазии
5 / 6
Спикер Парламента Валерий Кварчия оставил запись в книге соболезнований в четверг 29 марта в Посольстве России в Абхазии в память жертв трагедии в Кемерово
6 / 6
Президент Абхазии Рауль Хаджимба, спикер Парламента Валерий Кварчия и посол России в Абхазии Семен Григорьев в Посольстве России в Абхазии, почтили память жертв трагедии в Кемерово в четверг 29 марта