Очамчыра араион 300 кьыла рҟынӡа амармалташь пты еизыргахьеит

2018 шықәса хәажәкыра 25 рзы имҩаԥысит Аԥсны иахыҵәаз амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥаразы азҵаарақәа рылацәажәара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аилацәажәараҿы иҳәан Очамчыра араион ақыҭақәа Река, Лашькьындар, Аҽгәара рҿы 300 кьыла рҟынӡа амармалташь пты еизыргахьеит ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Очамчыра араион Ахада Хьрыԥс Џьопуа.

Апты анырҵәаразы ахәшәқәа Аԥсныҟа иаагоуп

Хьрыԥс Џьопуа иазгәеиҭеит апты аизгара знапы алаку рҟынтә шамахамзар зегьы уи азы аԥара ҳазыԥшым ҳәа шырҳәаз.

Дара еизыргаз апты амца иақәҵаны ирбылуеит. Индырҵәоит.

Хәажәкыра 25 рзы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Џьамбулат Хатуов аҽазныкгьы иҳәеит ишазыхио кьылак апты азы зықьмааҭ ашәара.

Амармалташь пты Амшынеиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа. Аекологцәа ишырҳәо ала иахьатәи аамҭазы иара иаҿагыло методикак алкааны ишьақәыргылам.

Аптқәа цәырҵит иара убасгьы Новоросиискии Шәачеи ақалақьқәа рҟны.