Арадио

Вартагаа ақыҭақәа рҿы апты аизгара иазкны: иаҵоу ашәарҭара еилыркаауеит

Очамчыра араион ақыҭақәа зегьы рҿы апты аизгаразы аусурақәа цоит, урҭ шымҩаԥсуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭаиҳәеит Аԥсны акарантинтә ҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспециалист хада Анзор Варгагаа.
Sputnik
Вартагаа ақыҭақәа рҿы апты аизгара иазкны: иаҵоу ашәарҭара еилыркаауеит

"Акарантинтә гәыԥ ҳаиднакылоит хәҩык, еиҭа иҳацын аекологцәа. Очамчыра ақыҭақәа зегьы ҳрылсит. Уи аԥхьа ауаа ирарҳәахьан апты еизыргарц, аха ажәлар рҟынтә хшыҩзышьҭра азымҭаз рацәаҩхеит. Апты ҟәшәаны аԥара шԥарымаҳхуа зҳәазгьы дыҟан. Излауаз ала, ауаа идеилыркаан апты аизгарала, анаҩс уаҳа аҿиара шамаиуа. Аус ду еиҿкаан Акәасқьа ақыҭан, уаҟа апты атәы зҳәо аинформациатә бӷьыцқәа кыдын ашколаҿ, уҳәа ауаа рацәа ахьыҟо аҭыԥқәа рҿы. Уаҟа имҩаԥгаз аӡыргара угәы иаахәартә иҟан", — иҳәеит Вартагаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.