Арадио

Ҟаитан: Аԥсуа ҭыӡрыԥхра Ду амаӡақәа лассы иаатуа иреиуам

Аԥсуа ҭҵааратә институт, аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аҟны Кьалашәыр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз ажрақәа ртәы дазааҭгылеит.
Sputnik

Ҟаитан: Аԥсуа ҭыӡрыԥхра Ду амаӡақәа лассы иаатуа иреиуам
"Ирацәаны аверсиакәа ыҟоуп аҭӡы иадҳәалоу,  урҭ гәнаҳкылароуп, аха аиаша уазҳәо археологиатә жрақәа роуп. Хәыҷы-хәыҷ уи аиашахь ҳнеиуеит ҳара. Абжьарашәышықәсақәа афеодалтә аамҭа иаҵанакуа Кавказ џьаргьы иуԥылаӡом иара аҟара идуу аҭӡы. Ҳҳәынҭқарра усҟан амч аман ҳәа алкаа аҟаҵара, ашьақәырӷәӷәаразы археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥаагароуп, урҭ уажәы мҽхакыла иалагеит ҳҳәар ҟалоит", —ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.