Иулиа Скрипаль лҭагылазаашьа еиӷьхеит

Скрипальаа, аби аԥҳаи рааигәа-сигәа иҟаз ауаа ргәабзиара шәарҭа иҭагылам ҳәа уҳәар ауеит ҳәа анацҳаит ахыҵхырҭа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Зыхдырраҿ иааиз Иулиа Скрипаль лҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп ҳәа еиҭанаҳәеит аканал Sky News, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Скрипаль иус": Польшаа урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалырцар алшоит

Ателеканал адыррақәа рыла Иулиа Скрипаль ахәышәтәырҭаҿы дахьышьҭо афатәи аӡи лыдылкылартә лҭагылазаашьа ыҟоуп. Иулиа лаб иакәзар, макьаназ ареанимациаҿ дыҟоуп.

"Сергеи Скрипаль иҭагылазаашьа уадаҩуп аха ишәарҭам", — ҳәа рҳәоит Солсбери араионтә хәышәтәырҭаҿы.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Урыстәылатәи адипломатцәа рхыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, британиатәи амчрақәа рабжьгарала Евроеидгыла атәылақәак иара убасгьы Канада, Норвегиа, Украина рҟынтәи Урыстәыла адипломатцәа атәыла иалырцар ауеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟам.

Москва имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауеит. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар шамам.