Румыниа атомтә фымцастанциаҿы амашәыр ҟалеит

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы афымцастанциа Чернаводе аҟны авариақәа ҩынтә иҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30— Sputnik. Румыниатәи ақалақь Чернаводе аҟны иҟоу афымцастанциаҿы авариа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҭыԥантәи АИХ ишырыҩуа ала хәажәкыра 25 рзы аҩбатәи ареактор ахала амилаҭтә фымцатә система иаҟәыҵит. Аоператор-еилахәыра АЭС S. N. Nuclearelectrica SA ишаҳәо ала ус иҟалеит афымцаблок ахәҭа апроблемақәа ирыхҟьаны. Иҟалаз ахҭыс аиадертә шәарҭадара анырра анаҭом.

"Аҟазауаа иҟалаз зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп. Амзыз еилкааны иахәҭаны иҟоу аремонттә усурақәа хацдыркуеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ахҭыс, астанциа аусзуҩцәа, ақалақь ауааԥсыра, аԥсабара уҳәа анырра бааԥс рнаҭом.