Ҭарба: ақыҭанхамҩа ааха ду азҭо апты аизгара иаҿуп ҳауаажәлар
© Sputnik
"Ҳауаажәларра рахь ааԥхьара аныҟаҳҵа абри аҩыза агәаҟра ҳҭагылоуп ҳәа, ацхыраара ҳҭахуп шәҳавагыл ҳәа анраҳҳәа, аилкаара ҳауит. Гәылрыԥшь араион шәкьылак рҟынӡа еизыргеит, уажәы Очамчыра иҟоу еилаҳкаауеит. Ирацәаҩуп ахәаҷа ҭиины аԥара ҳарҳауеит ҳәа згәы иҭам. Рааигәа-сигәа иркуа зегьы рбылуеит. Хымчыбжь роуп иаанхаз аԥырра иалагаанӡа, нас ианалагалак ахшәқәа ҳхы иаҳархәоит. Ари зегьы иаҳзеиԥшу усуп, ақыҭа аҿиара анамаиу нас аҳәынҭқаррагьы ԥсыҽхоит. Напыла акрада даҽа формакгьы хра аланы избом", — иҳәеит Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.