Ҭарба: апты асеиԥш аҿагылара хра аманы иҟам

Аветеринартәи афитосанитартәи хылаԥшразы Афедералтә маҵзура имҩаԥнагеит амониторинг 2018 шықәса хәажәкыра 24-25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30— Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иҳәоит асеиԥш апты алаҵәара аҿагылара хра аманы иҟам, избанзар апты ԥырны еиҭаҵуеит, иаразы ҳәаатә ԥынгылакгьы ыҟаны иҟам ҳәа.

Даур Ҭарба: апты ааха ду анаҭеит анхацәа раарыхра

Аминистр иҳәеит ирыдыркылаз аӡбра Аԥсны ақыҭанхамҩа ааха шанаҭо, избанзар иара Урыстәыла аҵакыраҿы аҭира ҟалом ҳәа.

"Ҵыԥх Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа ииаган 4,3 миллион доллар рыхә ақыҭанхамҩатә аалыҵ. Арахь иаҵанакуеит ацитрустә шәырқәа: 7,9 нызқь тонна (2,3 миллион мааҭ рыхә). Уи адагьы атара алагаларагьы ԥкхоит. Ус анакәха, аҩы зауад иҟанаҵар акәхои?. Апатырџьан, анаша, аиаҵәара ишԥарзаауеи", — ҳәа иҳәоит аминистр.

Иара иажәақәа рыла 2018 шықәса рзы иазыԥшуп 10 000 тонна рҟынӡа апатырџьани анашеи раалыҵ. Ауснагӡатә аусура хацнаркыр, урҭ атәыла иаҳзалгаӡом ҳәа азгәеиҭоит иара.

Даур Ҭарба игәаанагарала аԥкыратә методқәа рызҵаара Аԥсни Урыстәылеи иреиҳаӡоу амчрауаа алацәажәароуп.