Арадио

Ӡаԥшьба: абџьар алхра излымшо усуп, иагьиашам

Ҳтәылауаа абџьар рылгаразы азҵаара ақәыргалара ииашам ҳәа азгәеиҭеит амчратә усбарҭақәа рымадаразы Аԥсны ахада иабжьгаҩ, амилициа аинарал-леитенант Леонид Ӡаԥшьба адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ӡаԥшьба абџьар алхра излымшо усуп, иагьиашам

"Аԥсуаа инакәызаалак абџьар рыман, аныҟәгашьагьы иақәшәон. Уи аныҟәгара ҟалом ҳәа аԥсыуа хаҵак иҳәарым. Абџьар алхра ҳҳәар, уи баша ҳхы аџьабаа аҳарбоит ауп, излымшо усуп, иагьиашам. Абџьар ашәҟәы иҭагалазароуп. Ацәгьоуракәа аиҳараӡак изларуа ашәҟәы иҭагалам абџьар алоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡаԥшьба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.