Ашәба: аииа-баииа - аԥсуаа жәытә-натә аахыс шқьырсианцәаз аршаҳаҭуеит
© Sputnik
"Адгьыл аҟынтә аԥхьа ааԥын зхы цәырызгоз ашәҭқәа, иҟалап ԥсыуа хьӡымзаргьы аииа-баииа ҳәа изышьҭоу ракәын. Абырзенқәагьы ирымоуп "ваииа" ҳәа убрантә иааганы иашьашәалоу ҳа ҳҟны еиқәханы иҟоу ак ауп. Аԥсабараҿы ииуаз ашәҭқәа ҟәшәаны иҩнарыԥсон. Ус еиԥш аҩыраҿы џьаргьы иарбаны еиқәымхеит, аха аҩны иҩнарыԥсон амшаԥы мчыбжьык шагу, амҽышаҽны шьыжьымҭан, анаҩс акәтаӷь рбылгьо, иԥымҽӡакәа, хынтә иакәдыршон, анаҩс иҷышәны, аџьар асахьа анҵаны ирҵәахуан. Иара зегь реиҳа иӷәӷәахон, акәтаӷь шҭәу еиԥш ҳаԥсҭазаара ҭәны иҟалааит рҳәон. Аииа-баииа ҳәа иҳамоу амш, иаршаҳаҭуеит ажәытәтәи аамҭа инаркны ақьырсиан динхаҵара ныҟәызгоз жәларны ҳшыҟоу", — иҳәеит Ашәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.