Арадио

Кәарҷиа: аҳәаа аркра ала апты узаанкылом

Аҳәаа аркра ала Аԥсны ицәырҵыз апты узаиааиуам, иҳәеит анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Россельхознадзор иаднакылаз ақәҵара, изеиԥшразаалакгьы аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылара ахҳәаа ҟаҵо.
Sputnik

"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарҷиа Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылара иазкны
"Ари проблемас ирымоуп х-ҳәынҭқаррак: Қырҭтәыла, Аԥсны, Урыстәыла. Аԥсны мацарала апроблема узыӡбаӡом, иахьа апты нҳарҵәаргьы, уаҵәы еиҭа Қырҭтәылантәи иаауеит. Хәба-фба шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны иамоу аекологиатә проблемақәа зегьы Егрынтәи ауп ишаауа. Қырҭтәылеи егьырҭ Европа атәылақәеи еидҳәалоуп, ари амармалташьтә пты Италиантәи ауп ишааз. Иџьаушьаша, иара ахьцәырҵыз Қырҭтәылоуп, уантәи ицо афатәқәа, ашәырқәа аанырымкылаӡеит, Аԥснынтә акәзар, иааныркыларц ргәы иҭоуп, логикас иҟоу сзеилкаауам. Аҳәаа ала иузаанкылаӡом апты, имҩасуа амашьынақәа, иара ауааԥсыра рхаҭақәагьы имҩаныргар рылшоит зыӡбахә ҳамоу ахәаҷа", — иҳәеит Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.