ЕАШ (США): урыстәылатәи адипломатцәа Сиетлтәи аконсулра хада адыркуеит

ЕАШ (США) "персоны нон грата" ҳәа ззырҳәаз адипломатцәа Москваҟа ихынҳәит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2— Sputnik. Аԥрыҩцәа ротриад "Россия" аҳаирплан ҷыда тәеит аҳаирбаӷәаза Внуково атерминал №2 аҟны асааҭ 13.00 рзы. Иара Москваҟа иаанагеит ООН аус зуаз Урыстәылатәи адипломатцәеи, рҭаацәеи. Ари адипломатцәа рыԥсадгьыл ахь иаазго аҩбатә ҳаирплануп.

Лиуксембург Урыстәыла иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ аконсультациақәа рзы иԥхьеит

Уаанӡа, асабша Вашингтонынти Москваҟа иԥрит аҳаирплан, Ниу-Иоркынтәи Урыстәылатәи адипломатцәа аазгаз.

Иааизакны Москваҟа ихынҳәит 171-ҩык.

Евроеидгыла атәылақәаки иара убас США, Канада, Норвегиа, Украина рҟынтәи урыстәыла адипломатцәа алырцеит Солсбертәи ахҭыс инадҳәаланы. ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит 48-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН аусзуҩцәеи атәыла иалаҳцоит ҳәа.

Абри аҭакс Урылыстәыла атәыла иалнацоит 58-ҩык ЕАШ (США) Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.