Мариа Мархолиаԥҳа апроект "Ледниковый период. Дети" аҩбатәи атур ахь диасит

Апроект "Ледниковый период. Дети" аҟынтәи Мариа Мархолиаԥҳа лықәгылара Актәи аканал аофициалтә саит аҿы идырбан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2– Sputnik, Бадри Есиава. Мариа Мархолиаԥҳа, еицырдыруа аԥсуа режиссер Михаил Мархолиа имоҭа ателехәаԥшратә проект "Ледниковый период. Дети" аҩбатәи ахәҭахьы диасит ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Мариа лаб Иури Мархолиа.

Сара Абрамиан ашоу "Голос. Дети" аҩбатәи аетап ахь днеиит

"Ҳара апроект алахәра ҳҽазыҟаҳҵомызт. Иара аиҿкааҩцәа аҵаақәышьқьрааразы ашколқәа рахь инеины иреиӷьқәаз алыркаауан. Маша лҽаназыҟалҵоз илықәшәеит, дыргәаԥхеит", — иҳәоит Иури Мархолиа.

Апроект "Ледниковый период. Дети" аҟынтәи Мариа Мархолиаԥҳа лықәгылара Актәи аканал аофициалтә саит аҿы идырбан.

Лықәгылара аламҭалаз Мариа илҳәеит ажиури алахәыла Татиана Навка лкоманда дақәшәар шылҭахыз, аха лықәгылара ашьҭахь аӡбаҩцәа Максим Траньков, Илиа Авербух, Роман Костомаров рҟынтәи аӡәы далылхыр акәхеит.

Мариа Максим Траньков далылхит. Иара иҳәеит Мариа аус лыцура мариахоит ҳәа дшақәгәыӷуа.

"Сара исгәаԥхеит лықәгылараан аԥхьаҵәҟьа гхак ҟалҵазаргьы, лхы даиааины лықәышьқьраара иахьацылҵаз, хынтәтәи риттбергер ахьыҟалҵаз. Сгәы иаанагоит ҳусеицура алҵшәақәа аанашьҭып ҳәа", — иҳәеит аспортсмен Максим Траньков.

Мариа Мархолиаԥҳа 10 шықәса лхыҵуеит. Аҵаақәышьқьраара ашкол ахь дныҟәоит 3-шықәса анылхыҵуаз аахыс.