Шамԥҳа: асимфониатә аоркестр анҳаулак, ҳабӷа ӷәӷәахоит
© Sputnik
"Асимфониатә аоркестр ҳамаӡам, убри даара ҳгәы ҳнархьуеит. Аҳынҭқарраҿы абираҟи, агерби инарываргыланы аҵак ду амоуп аоркестри акапеллеи. Уажәы иҳамоу, акамертә- хәыҷуп, ҳгәыӷуеит наҟ-наҟ, убри ҭбааны, анкьа ишыҟаз еиԥш, иҟалап ҳәа. 25 шықәса ҵит убри ҳалацәажәоижьҭеи. Ҟазауаҩык иаҳасабала, издыруеит уи ҵакыс иамоу. Убри анҳамоу, ҳабӷа ӷәӷәоуп. Уажәы аклассикатә концертқәа анымҩаԥааго, ҳаеҵәақәа анааҳаԥхьо, Хьыбла Гьерзмаа лоума, Алиса Гыцԥҳа лоума, наҟынтәи аоркестрқәа ааҳгоит, ма дара ирыманы иаауеит, уи аԥара ду аҭахуп", — лҳәеит Шамԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.