Урыстәылатәи адипломатцәа Вашингтон аанрыжьуеит

Урыстәылатәи адипломатцәа актәи ргәыԥ Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аанрыжьит асабша.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 —Sputnik. "Персоны нон грата" ҳәа иршьаз Урыстәылатәи адипломатцәа актәи ргәыԥ Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аанрыжьит. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Урыстәылатәи адипломатцәа рхыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит

Адипломатцәа зҭаз автобус Ацҳаражәҳәарҭа ахыбра ианадҵуаз амарш "Прощание славянки" адырҳәон. Адипломатцәа аҩбатәи ргәыԥ аамҭақәак рышьҭахь Ацҳаражәҳәарҭа аанрыжьуеит.

Иааизакны Москваҟа ихынҳәит 171-ҩык.

Евроеидгыла атәылақәаки иара убас ЕАШ (США), Канада, Норвегиа, Украина рҟынтәи урыстәыла адипломатцәа алырцеит Солсбертәи ахҭыс инадҳәаланы.

ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит 48-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН аусзуҩцәеи атәыла иалаҳцоит ҳәа.

Абри аҭакс Урылыстәыла атәыла иалнацоит 58-ҩык ЕАШ (США) Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.